Индонезиатәи адгьылбжьаха Иаваҿ иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 268-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Индонезиатәи адгьылбжьаха Иаваҿ иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 268-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Индонезиатәи адгьылбжьаха Иаваҿ иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 268-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ иреиуоуп ахәыҷқәа рацәаны. Аихқәа ишаарыцҳаз, адгьылҵысраан аҵаҩцәа ашкол аҿы иҟан.

Аахақәа роуит зықьҩык иериҳаны ауааԥсыра, 151-ҩык хабарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсабаратә рыцҳара амзызла аԥхасҭа роуит 22000 аҩнқәа. 58000-ҩык рҟынӡа ахҵәара рықәшәеит,

5ю6 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра 10 км аҵаулараҿ ҟалеит.