Импыҵахалоу Донецк анефтбаза амца ацралеит
Импыҵахалоу Донецк анефтбаза амца ацралеит

Урыстәыла ала импыҵахалоу Донецк Буденовтәи араион аҿы анефтбаза абылра иаҿуп. Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХ.

Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла, абаза амца ацралеит украинатәи арбџьармчқәа имҩаҧыргаз аракетатә аахара амшала. Украина анапхгара ари афакт азы макьана аилыркаарақәа ҟарымҵацт.