Импыҵахалоу Аҧснынтә ииагоуп 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз, зыхьӡқәа еилкаау 23ҩык рыҧсыбаҩқәа
Импыҵахалоу Аҧснынтә ииагоуп 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз, зыхьӡқәа еилкаау 23ҩык рыҧсыбаҩқәа

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати  Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети  русеицура ала,  ақырҭуа-аҧсуа акоординациатә механизм аҳәаақәа ирҭагӡаны,  импыҵахалоу Аҧснынтә ииагоуп 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз, зыхьӡқәа еилкаау 23ҩык рыҧсыбаҩқәа.

Атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит Самеба аныхабааҿы.

Уаҵәы, 17ҩык аибашьцәа, арратә ҳаҭырла, анышә иамардоит Диҕоми иҟоу аешьаратә нышәынҭраҿы, егьырҭ, рҭаацәарақәа рыӡбарала ,еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы анышә иарҭоит.

Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы иҧшааны ииагоуп 604ҩык рыҧсыбаҩқәа, урҭ рҟынтә 288ҩык рыхьӡқәа еилкаауп.

Атәылауаҩратә панихидаҿ иҟан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании.