Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 64 афактқәа аарҧшуп, даҽа хҩык апациентцәа иҧсит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 64 афактқәа аарҧшуп.
170ҩык апациентцәа аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит, урҭ рҟынтә 27ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы хҩык апациентцәа иҧсит.
Акоронавирус амшала Аҧсны иҧсхьеит 187ҩык апациентцәа. Инеизакны, акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 11 933ҩык, урҭ рҟынтә 10 943ҩык ачымазара иалҵхьеит.