Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус  47 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус  47 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус  47 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, пациентк дыҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан  230 тестқәа,  47ҩык акоронавирус рыдбалоуп. Аҧсны иҟоу аковид центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит  147ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә  17ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Инеизакны Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  12106ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә  11765ҩык ачымазара иалҵхьеит.