Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан 190 атестқәа, 32ҩык акоронавирус адиагноз рзышьқәырҕәҕәан. Аҧсны иҟоу аковид центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 86ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 14ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.
Гәдоуҭатәи араионтә хәыштәырҭаҿы пациентк дыҧсит.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус амшала иҧсхьеит 197ҩык апациентцәа. Инеизакны акоронавирус рыдбалоуп 12 777ҩык, урҭ рҟынтә 12 112ҩык ачымазара иалҵхьеит.