Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 26 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 26 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы  иҟаҵан  200 атестқәа, 26-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьқәырҕәҕәан. Аҧсны иҟоу аковид центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 72 -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 13-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Гәдоуҭатәи араионтә хәыштәырҭаҿы 8-ҩык апациентцәа иҧсит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус амшала иҧсхьеит  202-ҩык апациентцәа. Инеизакны акоронавирус рыдбалоуп  12 814-ҩык, урҭ рҟынтә  12 303-ҩык  ачымазара иалҵхьеит.