Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 19 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 19 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы  иҟаҵан  208 атестқәа, 19-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьқәырҕәҕәан. Аҧсны иҟоу аковид центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 56  -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 8-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус амшала иҧсхьеит  202-ҩык апациентцәа. Инеизакны акоронавирус рыдбалоуп  12 861-ҩык, урҭ рҟынтә   12 387-ҩык  ачымазара иалҵхьеит.