Импыҵахалоу Аԥсны Урыстәыла алалара аҭахым
Импыҵахалоу Аԥсны Урыстәыла алалара аҭахым

Импыҵахалоу Аԥсны Урыстәыла алалара аҭахым,-  ари атәы ааицҳаит де-факто апарламент аспикер Валери Куарҷиа.

“Урыстәыла ҳстратегиатә партниоруп, аҩыза тәылоуп, аха Урыстәылатәи Афедеарциа алалара аҽазкра ҳҳәынҭқарра амам,” – иҳәеит Куарҷиа.

Де-факто ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ишааицҳаз, “раԥхьаӡа иргыланы, ҳконституциа, ҳзакәанԥҵара ала ари иазыԥхьагәаҭам, ауааԥсырагьы ари рҭахым. Ҳара ҳхьыԥшымразы ахә ду ҳшәеит. Ари ҳажәлар акымкуа абиԥарак рџьаба ду иабзоуроуп, убри аҟынтә ари зҵаара ҳа ҳҿы игылам. Аԥсны ари зҭахы аполитикатә мчы, ауаажәларратә ҵысра ма апартиа иҟоуп ҳәа сгәы иҭам,” – иҳәеит Сергеи Шамба.