Импыҵахалоу Аԥсны имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит - аоппозициатә мчрақәа дҵас иқәдыргылоит Аслан Бжьаниа имаҵура иамхра
Импыҵахалоу Аԥсны имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит - аоппозициатә мчрақәа дҵас иқәдыргылоит Аслан Бжьаниа имаҵура иамхра

Импыҵахалоу Аԥсны имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит, аоппозициатә мчрақәа дҵас иқәдыргылоит Аслан Бжьаниа имаҵура иамхра, ахада иамхра апроцедура мҩаԥысуанаҵы афымцамч, амазара, адәныҟатәи аполитика рганахьала иаԥшьгамҭақәа зегьы раанкылара. Иара убас аоппозициаа дҵас иқәдыргылоит “апарламент” ахаҭарнакцәа ралалара алзыршо еилаԥсоу алхратә системахь аиасра азԥхьагәазҭо аԥсахрақәа Аконституциа ралагалара,  де-факто аԥыза-министр имаҵура аԥыхразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа хымԥада “Апарламент” аҿы рышьақәырӷәӷәара алзыршо апроцедуразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара, “Апарламент” афбатәи ааԥхьара аҿҳәара даҽа шықәсык ацҵара.

“Аԥсны жәлартә-патриорттә аидгыла” аиҿкаарала имҩаԥысыз аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон. Шьыжьнаҵы аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан.

Амитинг иалахәыз Аслан Бжьаниа иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, “Апарламент” ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.