Импыҵахалоу Аԥсны, Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакраан аԥхасҭа зауз аԥҳәыс Рухтәи аклиникантә Қәҭешьтәи аклиникашҟа диагоуп
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны, Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакраан аԥхасҭа зауз аԥҳәыс Рухтәи аклиникантә Қәҭешьтәи аклиникашҟа диагоуп.
Аҳақьым ишааицҳаз ала, апациент илоуз абылра ахԥатәи аҩаӡара иаҟароуп, лҭагылазаашьа цәгьоуп, аха иҭышәынтәалоуп.
Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит Урыстәыла ала импыҵахалоу Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны. Арыцҳара ажьырныҳәа 5 рзы ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца анеиқәылҵоз абензини акеросини лцәеилагеит.