Ҭеа Ахвледиани - Импыҵахалоу Аԥсны Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду ҳаззегьы ахьа ду ҳзаанагеит
Ҭеа Ахвледиани - Импыҵахалоу Аԥсны Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду ҳаззегьы ахьа ду ҳзаанагеит

Импыҵахалоу Аԥсны Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара ду ҳаззегьы ахьа ду ҳзаанагеит, – илҳәеит Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр  Ҭеа Ахвледиани.

Ҭеа Ахвледиани аҭаацәара дрыдашшылеит.

“Амаалықьцәа Емилиеи, Ана-Мариеи, Еленеи, Ниеи, Софиеи Ҷолариаа машәырла рҭахара инамаданы иахьа Қырҭтәыла аҵакыраҿ алахьеиқәҵаратә мшуп. Импыҵахалоу Аԥсны Гал араион Саберио ақыҭан амцакра иахҟьаз арыцҳара ду ҳаззегьы ахьа ду ҳзаанагеит”, – иануп аминистр иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьылаҿ, Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз абылраан иҭахаз ахәыҷқәа ҳаҭырла  ргәаларшәаразы, ажьырныҳәа  9 алахьеиқәҵаратә мшны рылаҳәоуп.