Саберио ақыҭан иҭахаз хәҩык ахәыҷқәа рҭаацәа Жәыргьыҭтәи амуниципалитет Коки ақыҭан аҩны рзаархәеит
Аԥсны автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Леван Мгалоблишвили, аамҭала импыҵахало Гал араион иаҵанакуа Саберио ақыҭан иҭахаз хәҩык ахәыҷқәа рҭаацәа Жәыргьыҭтәи амуниципалитет Коки ақыҭан аҩн ҿыц ацаԥхақәа риҭеит, – аарыцҳаит Аԥсны автономтә республика аиҳабыра аҟынтә.
Леван Мгалоблишвили Ҷолариаа дырԥылан, даҽазнык дрыдашшылеит. Аусҳәарҭа аинформациа ала, Леван Мгалоблишвили ицын Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла арегион агубернатор Давид Верава, Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Мамука Цотниашвили, Қырҭтәыла апарламент алахәылацәеи аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәеи.