Леван Мгалоблишвили - Қырҭтәыла атерриториатә акзаара зыхьчоз ауаа ҷыдала рызҿлымҳара сара сзы ахадара ду амоуп
Аԥсны Аиҳабыра рхантәаҩы иаҳасабала, Қырҭтәыла атерриториатә акзаара зыхьчоз ауаа ҷыдала рызҿлымҳара сара сзы ахадара ду амоуп, — иҳәеит Аԥсны Автономтә Республика Аиҳабыра рхантәаҩы Леван Мгалоблишвили, аветеранцәа рҟны аԥылараан.
Леван Мгалоблишвили иажәақәа рыла, аусуратә еиԥылараҿы аветеранцәа рсоциал-економикатә статус арӷәӷәареи дара рзы агәабзиарахьчаратә сервисқәа раиура армариареи ирылацәажәеит.
“Аветеранцәа аусуратә еилатәара аформат аҿы сырԥылеит, рсоциал-економикатә статус арӷәӷәареи дара рзы агәабзиарахьчаратә сервисқәа раиура армариареи ҳрылацәажәеит.
Аԥсны Аиҳабыра рхантәаҩы иаҳасабала, Қырҭтәыла атерриториатә акзаара зыхьчоз ауаа ҷыдала рызҿлымҳара сара сзы ахадара ду амоуп, – иазгәеиҭеит Леван Мгалоблишвили.