Импыҵахалоу Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра - Қырҭтәыла аҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылом
Импыҵахалоу Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра - Қырҭтәыла аҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылом

Импыҵахалоу Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҟынтә ацхыраара рыдыркылом.

Кәыҵниа иинтервиу аланарҵәеит “Эхо Кавказа”.

Қырҭтәыла аҟынтә ацхыраара аиура аӡбахә шәара шәҟынтә исаҳауеит, ари мцуп, Қырҭтәыла аҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылом. Қырҭтәылаҟны аимадара ҳамам, ацхыраара иазку еилацәажәарақәа мҩаԥаагом,” – иҳәеит Импыҵахалоу Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр.

Лев Кәыҵниа ишазгәеиҭаз ала, ацхыраара  Урыстәылаҟынтәгьы рмоуит, амца арцәара ҳара ҳхала иҳалшеит.

“Амца ахала акышьа амам уажәтәи аамҭаз.  Ақыҭақәа рҿы аҩнқәа ирзааигәаны амцакрақәа рацәан. Хаицхырааны абарҭ ҩымшк рыла амца аанкылан. Уажәы аҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам”, – иҳәеит Кәыҵниа.