Илиа Дарчиашвили Келли Дегнан дылҧылеит
Илиа Дарчиашвили Келли Дегнан дылҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лҟны аусуратә аиҧылара мҩаҧигеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра иаҵанакәа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит.   Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Америка ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло, ахырхарҭақәа зегьы рыла астратегиатә партниорра иаҳа ирҭбаара ишазыхиоу,  ари аганахьала иалкаан атәылахьчареи ашәарҭадареи,  ахәаахәҭреи, аекономикеи,  аинвестициақәеи.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа иазааҭгылеит.

Келли Дегнан даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ахадаратә хырхарҭақәа зегьы рыла астратегиатә партниорра арҭбаара иазыхиоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.