Илиа  Дарчиашвили Иоҳанн  Ҳанни Иануш Воицеховскии дырҧылеит
Илиа  Дарчиашвили Иоҳанн  Ҳанни Иануш Воицеховскии дырҧылеит

Бриуссель иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Еврокомиссарцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Иахьа адәныҟатәи аусқәа рминистр абиуџьети администрациеи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Иоҳанн Ҳани  ақыҭанхамҩа азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Иануш Воицеховскии дырҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ишану ала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицуреи Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи аҵакы иалацәажәеит.

Еврокомиссарцәа рҟны аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан  Украинаҿ урыстәылатәи арратә агрессиа аглобалтә шәарҭадареи еиуеиҧшым зҵакы дуу аусхқәеи асекторқәеи рзы иамоу анырра цәгьа.