Илиа Дарчиашвили - Иаҳҩызоу аҭырқәа жәлар срыдашшылоит, адгьылҵысраан ахәрақәа зуаз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит
Илиа Дарчиашвили - Иаҳҩызоу аҭырқәа жәлар срыдашшылоит, адгьылҵысраан ахәрақәа зуаз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.

Асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы иҟаиҵаз адашшылараҿ, ахәақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьаишьеит.

Ҭырқәтәылатәи аган аинформациала, адгьылҵысраан иҭахеит 76-ҩык, 440-ҩык ахәрақәа роуит. Атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп аиқәырхаҩҵәа, азакәанхьчаҩцәа.