Илиа Дарчиашвили - Давостәи адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥыза-министр Мрагыларатә Европа агәыларатә темақәа ирызку апанельтә дискуссиа ихы алаирхәоит
Илиа Дарчиашвили - Давостәи адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥыза-министр Мрагыларатә Европа агәыларатә темақәа ирызку апанельтә дискуссиа ихы алаирхәоит

Давостәи адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аԥыза-министр Мрагыларатә Европа агәыларатә темақәеи, европатәи аинтеграциеи аперспективақәеи ирызку апанельтә дискуссиа ихы алаирхәоит,  – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Давос ивизит данахцәажәоз.

Дарчиавшили иажәақәа рыла, аиҳабыра рнапхгаҩы Европа алидерцәа драцәажәоит Қырҭтәыла амоу азԥшрақәеи европатәи аҭаацәараҿ аперспективақәеи.

“Апанель рхы аладырхәоит еиуеиԥшым европатәи атәылақәа рлидерцәа, Қырҭтәыла аԥыза-министр алшара иоуеит Қырҭтәыла азԥшрақәеи европатәи аҭаацәараҿ аперспективақәеи иаахтны дрыхцәажәарц”, – иҳәеит Дарчиашвили.