Илиа аҩбатәи Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Илиа аҩбатәи Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭҭәыла апатриарх Илиа аҩбатәи импыҵахалоу Аԥсны, Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.

“Витали Ҷолариеи Қристине Сордиеи, руацәеи рахь:

Саберио ақыҭн шәҭаацәараҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы Қырҭтәыла зегьы игәырҩоит.

Ауаҩы доуҳала дыӷәӷәазаргьы, аамҭакала хәҩык ахшара рцәыӡра ахьаа ду иадҳәалоуп, ари ахгара имариам, аха адунеи аԥсахра аԥсра иаанагаӡом, ари ишәхашәмыршҭроуп, ари наӡаӡатәи аԥсҭазаара алагамҭоуп, уи азы ҳаззегьы ҳҽазыҟаҳҵароуп; ари аилыҵрагьы аамҭала ҟалоит.

Емилиеи, Ана-Мариеи, Еленеи, Ниеи, Софиеи ԥсра зқәым рыԥсы азы ҳныҳәоит, Анцәа ҳиҳәоит аматанеиразы амч шәиҭарц”, – иануп Қырҭтәыла паатриархиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит Урыстәыла ала импыҵахалоу Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны. Арыцҳара ажьырныҳәа 5 рзы ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца анеиқәылҵоз абензини акеросини лцәеилагеит.