Ильҳам Алиев  - Қырҭтәыла ада Европа аенергошәарҭадара алацәажәара ҟалом
Ильҳам Алиев  - Қырҭтәыла ада Европа аенергошәарҭадара алацәажәара ҟалом

Қырҭтәылеи Азербаиџьани еиуеиҧшым апроектқәа рыла еидҳәалоуп, арҭ апроектқәа ҳтәылақәа  мацараз акәымкәа, адунеи азы аҵакы ду рымоуп. Анефҭи, агази, атранспорти, акоммуникациақәеи ирызку апроектқәа роуп сызлацәажәо, арҭ апроектқәа Аахыҵ Кавказ мацара акәымкәа, Евразиа зегьы атранспорттә хсаала аҧырҵоит, – иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Алиев иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ада Европа аенергоәшарҭадара алацәажәара ҟалом.

„Иахьа ҳара Европа аенергошәарҭадара ҳалацәажәозар, ари азҵаара Қырҭтәыла ада алацәажәара ҟалом.  Азербаиџьан, Қырҭтәыла иалганы, 12 ҳәынҭқаррақәа  ахатә гази анефҭи рыла еиқәнаршәоит. Абри зегьы Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала иҟаҳҵоит. Атранспорттә коммуникациақәа русхкы аҿы  абаҕәазақәеи амҩақәеи ирыдҳәалоу аинфраструктуратә проектқәа ҳамоуп. Ҳтәылақәа Абжьаратә  корридор азы аҵакы ду рымоуп. Иахьа Аахыҵ Кавказаҿ Абжьаратә корридор ҳалацәажәозар, ари акорридор Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирылсны ицоит, ҳтәылақәа ирылсны ицо аидара иаҳа-иаҳа иазҳауеит“, – иҳәеит Ильҳам Алиев.