Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит

«Анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа мраҭашәаратә партниорцәа ржәылара иаҿуп, абри атенденциа шәарҭоуп», — иануп 21 иәҳынҭқарратәым аиҿкаарақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, лабҿаба иубарҭоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  иажәақәа Қырҭтәыла апартниорцәеи аҩызцәеи рдискредитациа ишазку.

«Аобиективтә критика азыӡырҩреи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҭагылазаашьа аиҕьтәразы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи ацынхәрас, аҵыхәтәантәи аамҭазы анапхгратә гәыҧ мраҭашәаратә ҳпартниорцәа активла ржәылара иалагеит.  Гәыҧқәаки лидерцәақәаки, иҧхамшьакәа, Қырҭтәыла аекономикатәи афинанстәи ҭагылазаашьа зхьыҧшу ҳпартниорцәа ҳараҭыр ладырҟәоит. Убри амшала, ҳтәыла ҧырхага ду аиуеит.

Абри аҭагылазаашьа даараӡа ҳаргәамҵуеит. Лабҿаба иубарҭоуп ҳтәыла анапхгареи мраҭашәаратә партниорцәеи реиҿагылара атенденциас ишыҟалаз.   Ишубарҭоу ала, анапхгаратә партиа адемократиатә процессқәа рымҩаҧгара ргәы иҭам, мраҭашәаратә ҳәынҭқаррақәеи аполитикцәеи рҟны аизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәра иазыхиоуп, убри ала дара атәыла евроатлантикатә интеграциа иаҧырхагоуп.

Ақырҭуа жәлар рҭаххара аадырҧшит, ҳуааҧсыра зегьы европатәи евроатлантикатәи интеграциа иадгылоит. Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара, иҟарҵо аҳәамҭақәеи рхымҩаҧгашьеи ала, абри ахықәкы анагӡара иаҧырхагоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иануп 21 иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.