Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи мчқәа Украина аганахьала имҩақәҵоу ахыршәқәеи аԥырҩы дызҭам апапратқәеи рыла ажәылара мҩаԥыргеит
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи мчқәа Украина аганахьала имҩақәҵоу ахыршәқәеи аԥырҩы дызҭам апапратқәеи рыла ажәылара мҩаԥыргеит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла урыстәылатәи мчқәа Украина аганахьала имҩақәҵоу ахыршәқәеи аԥырҩы дызҭам апапратқәеи рыла ажәылара мҩаԥыргеит.

Украина аҳауахьчаратә мчқәа ишаарыцҳаз, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа  Днепропетровсктәи арегион иҟоу афымцалашаратә обиектқәа акәын цәҟьара хадас ирымз.

Украинатәи ар Днепропетровсктәи, Одессатәи, Николаевтәи, Житомиртәи арегионқәа рҿы 14 аппарат рҟынтә жәба ҭадырхеит. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина атәылахьчаратә мчқәеи Урыстәылатәи ари рыбжьара афронт аҿы 77 аидыслара ҟалеит. Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала, афронт аҿы зегь реиҳа ицәгьу аҭагылазаашьа Авдеевкаҿ иҟоуп.