Иенс Столтенберг – Урыстәылеи Беларуси еицымҩаҧырго арратә азыҟаҵарақәа рылагьы иубарҭоуп Украина ажәыларазы аҽазыҟаҵара ишаҿу
Иенс Столтенберг – Урыстәылеи Беларуси еицымҩаҧырго арратә азыҟаҵарақәа рылагьы иубарҭоуп Украина ажәыларазы аҽазыҟаҵара ишаҿу

«Урыстәылеи Беларуси еицымҩаҧырго арратә азыҟаҵарақәа рылагьы иубарҭоуп Украина ажәыларазы аҽазыҟаҵара ишаҿу», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтекнберг ателеканал CBS аинтервиу анеиҭоз.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала, Алианс алахәылацәа  Урыстәыла – НАТО ахеилак аилатәара ҿыц амҩаҧгара иазыхиоуп.

«Зегьы реиҳа ихадоу – Украина ажәылара аанкылатәуп  убри аҟынтә,  НАТО алахәылацәа ари азҵаара аполитикатә ӡбашьак арҭар рҭахуп. Ҳара Урыстәыла – НАТО ахеилак аилатәара ҿыц амҩаҧгара ҳазыхиоуп. Урыстәыла амч ахархәара рыӡбар, Украинантә ауаа рацәа ибналоит. Урыстәылатәи ар амобилизациа мҩаҧысуеит.  Украинеи уи акәша-мыкәшеи зеиҧшҟамлац ала ирацәаны арбџьармчқәа дыргылеит», — иҳәеит  Столтенберг.