Иенс Столтенберг – Урыстәыла атәамбара ҟалом,  уи аҩадатәи арегион ашәарҭадаразы алҵшәа цәгьа ахылҵыр ауеит
Иенс Столтенберг – Урыстәыла атәамбара ҟалом,  уи аҩадатәи арегион ашәарҭадаразы алҵшәа цәгьа ахылҵыр ауеит

«Урыстәыла атәамбара ҟалом,  уи аҩадатәи арегион ашәарҭадаразы алҵшәа цәгьа ахылҵыр ауеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Швециа имҩаҧысуаз ашәарҭадара аконференциаҿы.

Столтенберг иажәақәа рыла, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Европа ашәарҭадара аҭагылазаашьа наӡаӡа аҽаҧсахит. НАТО анапхгаҩы ишиҳәаз ала, украинатәи арбџьармчқәа Урыстәыла ацәыӡ ду азааргеит, аха, аурысцәа даҽазнык аадырҧшит ашәарҭареи ацәыӡ ду аиуреи ишазыхиоу.

«Украина имҩаҧысуа аибашьра ианынҵәо, ишынҵәо аҳәара уадаҩуп. Аха, ишаадыруа ала, аибашьрақәа реиҳара аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшоуп. Абри аибашьрагьы убасҵәҟьа ихыркәшахар ҟалап. Украина абри аҩыза аиҿцәажәарақәа рҟынтә алҵшәас иаиуа макьана еилкаам, уи аибашьраҿы Украина аҭагылазаашьа ауп изхьыҧшу, убри аҟынтә, Украина ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳасабала иҟазар ҳҭахызар, ари атәыла ацхраара наҳагӡароуп.  Абџьар  — аҭынчранӡа ҳназгаша мҩоуп. Москватәи арежим  Европа аҧсахра ауп ирҭаху.  Убри аҟынтә,  Урыстәылеи Мраҭашәареи еснагь еиҿагылазаауеит», — иҳәеит  Столтенберг.