Иенс Столтенберг - Урыстәыла аҟынтә аҭыԥ аҿы адеескалациа ашьаҿақәа иубарҭам, уи акәым, Урыстәыла арратә мчы арӷәӷәара нанагӡоит
Иенс Столтенберг - Урыстәыла аҟынтә аҭыԥ аҿы адеескалациа ашьаҿақәа иубарҭам, уи акәым, Урыстәыла арратә мчы арӷәӷәара нанагӡоит

Урыстәыла аҟынтә адеескалациа ашьаҿақәа иубарҭам, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг алианс атәылахьчара министрцәа реиԥылара аҿы.

Столтенберг иажәақәа рыла, Урыстәыла арратә мчы арӷәӷәара нанагӡоит. Иенс Столтенберг ишааицҳаз, Урыстәыла адиалог аҽалархәреи аконфронтациа ацынхәрас адипломатиа алхреи ирызку аӡбара аднакылоит ҳәа агәра ргоит.

“Урыстәыла аҟынтә аҭыԥ аҿы адеескалациа ашьаҿақәа иубарҭам, уи акәым, Урыстәыла арратә мчы арӷәӷәара нанагӡоит. Иара убас, ажьырныҳәа 26 рзы Урыстәыла азаҳашьҭыз ажәалагалазы аҭак ҳамам. Ҳара Урыстәылахь аацҳамҭақәа рышьҭра ҳаҟәыҵуам, аха аҭагылазаашьа аицәахарагьы ҳазыхиахароуп. Урыстәыла Украина ажәылар, иашьашәалоу ахә ашәара ақәшәоит. Аха Урыстәыла адиалог аҽалархәреи аконфронтациа ацынхәрас адипломатиа алхреи ирызку аӡбара аднакылоит ҳәа агәра ҳгоит,” – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.