Иенс Столтенберг  - Урыстәыла агәымбылџьбара иџьазшьо рацәоуп, аха, иџьоушьаша акгьы иҟам  - Грозногьы агәымбылџьбара аарҧшын, анеҩс, Қырҭтәыла ажәылара, Украина аибашьра жәабраназ акәымкәа,  2014 шықәсазы иалагеит
Иенс Столтенберг  - Урыстәыла агәымбылџьбара иџьазшьо рацәоуп, аха, иџьоушьаша акгьы иҟам  - Грозногьы агәымбылџьбара аарҧшын, анеҩс, Қырҭтәыла ажәылара, Украина аибашьра жәабраназ акәымкәа,  2014 шықәсазы иалагеит

Украинаҿ Урыстәыла агәымбылџьбара иџьазшьо рацәоуп, аха, иџьоушьаша акгьы иҟам  – Грозногьы агәымбылџьбара аарҧшын, анеҩс, Қырҭтәыла ажәылара, Украина аибашьра жәабраназ акәымкәа,  2014 шықәсазы иалагеит– иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

НАТО анапхгаҩы ишиҳәаз ала,  Урыстәыла, ахатә политикатә мзызқәа рынагӡаразы, еснагь арратә мчы рхы иадырхәоит.

Столтенберг иҳәамҭала, Китаи, раҧхьаӡа акәны Урыстәыла иадгылеит НАТО арҭбаара аҿагылараҿы. Алианс анапхгаҩы ишиҳәаз ала, Урыстәылеи Китаии аус еицыруеит, Китаи Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәымӡбеит.

„Алабҿабара абас ауп ишыҟоу, ҳара ари аимак аҭынчмҩала, аиҿцәажәарақәа рыла аҭыҧқәҵара ҳҭахызар,  Украина ихьыҧшым европатәи  адемократиатә ҳәынҭқаррас иаанхар ҳҭахызар, зыҧшра ҟамҵакәа Украина ҳацхраароуп.  Абџьар ауп аҭынчра ашьақәыргылараҿы иҳацхраауа.  Ахыхьчара асистема  иаҳа ирацәаны аинвестициа алаҵатәуп. Насгьы,  авторитартә режим ахьыҧшызаара ҟалом, уи шәарҭоуп.  Ҳшәарҭадара ауп ҳазлацәажәо. Китаитәи  аӡеи аалыҵи мацара ҳахьыҧшызар ҟалом.  Дара рахь атехнологиақәа рекспорт ҳаҟәыҵроуп, избанзар, дара арҭ атехнологиақәа ҳара иҳҿагыланы рхы иадырхәоит.  Китаии ҳареи абизнес еизыҟазаашьақәа ҳабжьазар ҟалом ҳәа аӡәы иӡәгьы иҳәом, аха, раҧхьа иргыланы, ҳшәарҭадара ихьчазароуп“, – иҳәеит Иенс Столтенберг.