Иенс Столтенберг - Урыстәыла иаанарԥшуа агрессиа аформақәа зымҽхак ҭбаау аспектр азы ахиахароуп
Иенс Столтенберг - Урыстәыла иаанарԥшуа агрессиа аформақәа зымҽхак ҭбаау аспектр азы ахиахароуп

Украина аҳәааҿ урыстәылатәи ар аконцентрациа  Урыстәыла зымҽхак ҭбаау ажәылара ахылҵыр ҟалоит, аха ари Москва Украина аганахьала аанарԥшуа агрессиа форма заҵәык акәӡам, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг. Ари атәы аанацҳаит “Доиче велле”.

Столтенберг иажәақәа рыла, Урыстәыла украинатәи аусҳәарҭақәа рганахьала акибержәыларқәеи, адиверсиақәеи ма агәыла-тәылақәа рҿы аилаҩынтәра мҩаԥнагар ҟалоит.

“Урыстәыла аанарԥшуа агрессиа аформақәа зымҽхак ҭбаау аспектр азы ахиахароуп,” – иҳәеит Столтенберг.