Ентони Блинкен  - ЕАШ ахьӡала ақырҭуа жәлар Ахьыԥшымра амш рыдысныҳәалоит, ақырҭуаа гәык ала ҳшырзыҟоу даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит
Ентони Блинкен - ЕАШ ахьӡала ақырҭуа жәлар Ахьыԥшымра амш рыдысныҳәалоит, ақырҭуаа гәык ала ҳшырзыҟоу даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит

ЕАШ ахьӡала ақырҭуа жәлар Ахьыԥшымра амш рыдысныҳәалоит, ақырҭуаа гәык ала ҳшырзыҟоу даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит, — зиҳәеит ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

«ЕАШ ахьӡала ақырҭуа жәлар Ахьыԥшымра амш рыдысныҳәалоит. 32 шықәса ирылагӡаны ЕАШ Қырҭтәыла адемократиеи аԥеиԥш бзиеи шрыдгылоз изныкымкәа шьақәырӷәӷәахьеит.

Ақырҭуа жәлар рзы иҳаҩсыз 12 мз аҵак ду рыман, ари апериод аан Қырҭтәыла аҭоурыхтә аихьӡара аман – Евроеидгыла акандидат тәыла астатус анашьан. Иашьҭанеиуа мызқәак ари алшара ареалраҿ анырԥшразы ихадоу ҵакы роуеит. ЕАШ ақырҭуа жәлар евроатлантикатә рԥеиԥш адгылара нарыгӡоит», — иазгәаҭоуп Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭааҿы.