Иенс Столтенберг – Вильниустәи асаммитаҿ Украина адкылара акәымкәа, Украина НАТО азааигәахара иацхрааша апланоуп ҳазлацәажәо
Иенс Столтенберг – Вильниустәи асаммитаҿ Украина адкылара акәымкәа, Украина НАТО азааигәахара иацхрааша апланоуп ҳазлацәажәо

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала,  Вильниустәи асаммитаҿ Украина адкылара акәымкәа, Украина НАТО азааигәахара иацхрааша апланоуп излацәажәо. Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссель, Алианс иалоу атәылақәа атәылахьчара аминистрцәа реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аплан 3 елементк рыла ишьақәгылоуп.

Актәи – Украина апрактикатә ганахьала азыҟаҵара, ҽакала иаҳҳәозар, асоветтә стандартқәа рҟынтәи мраҭашәаратә стандартқәа рахь аиасреи Алиас иалоу атәылақәа рстандартқәа рзааигәахареи.

Аҩбатәи –  аполитикатә елементуп.

„Ҳара НАТО-Украина ахеилак аиҿкаара ҳгәы иҭоуп. Ахеилак аформатаҿ Украина, Алианс егьырҭ атәылақәа ирымоу азинқәа зегьы амазаауеит,  аконсультациақәа рымҩаҧгара алшара амазаауеит. Иара убас, ари аорган аӡбарақәа рыдкылара алшоит“, – иҳәеит Столтенберг.

Ахҧатәи елемент – Украина НАТОҟа алалара иадҳәалоуп. Столтенберг ишиҳәаз ала, аидгылаҩцәа зегьы еиқәшаҳаҭхеит Украина НАТО ишалало азы.