Иенс Столтенберг  - Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵара  иазку аӡбара аҧырхны, рырбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц
Иенс Столтенберг  - Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵара  иазку аӡбара аҧырхны, рырбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц

 

НАТО  жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵара  иазку аӡбара аҧырхны, рырбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада  Иенс Столтенберг Қырҭәтыла ахада Саломе Зурабишвили данылҩыла ашьҭахь.

Иара ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун Амшын еиқәа  арегион ашәарҭадара азҵаара.

«Ҵыҧх НАТО – Қырҭтәылатәи апакет ҳарҭбааит, уи Қырҭтәыла ареформақәа рымҩаҧгареи, аусеицура арҕәҕәареи, азеиҧш шәарҭадара аус аҿы алагала аҟаҵареи  иацхраауеит. Иахьатәи ҳаиҧылараҿы сареи Қырҭтәыла ахадеи атренингқәеи арратә азыҟаҵарақәеи, амшын аҿы ашәарҭадара арҕәҕәареи ҳалацәажәеит. Ҷыдала ҳазааҭгылеит Амшын еиқәа арегион аҿы ашәарҭадара аиқәыршәара азҵаара. НАТО  жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵара  иазку аӡбара аҧырхны, рырбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада  Иенс Столтенберг.