Иаха Урыстәыла даҽазнык Украина иаахеит.
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Украина иаахеит аракетақәеи адронқәеи рыла.
Дара рдыррақәа рыла, Луцк ақалақь аганахьала аибашьра ианалана инаркны зеиҧшҟамлац аахара ҕәҕәа мҩаҧган. Иҭахаз ауаа ирызкны макьана аинформациа иҟам.
Украина Аҳаиртә мчқәа рдыррақәа рыла, Киев акәша-мыкәшагьы аҧжәарақәа ҟалеит.
Убри аамҭазы, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, украинатәи аган адронқәа рыл ажәылара мҩаҧыргеит. Иаха урыстәылатәи арегионқәа рҿы 86 адронқәа карыжьит.