Иахьа инаркны мшаԥы 26-нӡа Ҭырқәтәыла атәылауаа адәахьы адәылҵра рылшом
Иахьа инаркны мшаԥы 26-нӡа Ҭырқәтәыла атәылауаа адәахьы адәылҵра рылшом

Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аинформациа аланарҵәеит.

Ацҳаражәҳәара адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла аиҳабыра рыӡбара инақәыршәаны, акоронавирус аларҵәара аԥырҟәҟәааразы, иахьа, мшаԥы 22, асааҭ 19:00 инаркны мшаԥы 26, асааҭ 05:00-нӡа атәылауаа адәахьы адәылҵра рылшом.

«Иара убас амч рымоуп асабшеи амҽышеи, асааҭ 19:00—05:00 рзы адәахьы адәылҵра иазку апкрақәа,» – иануп аинформациа аҿы