Иахьа инаркны акрыфаратә обиектқәа рҿы амузыкантцәа аусура еиҭалагоит

Иахьа инаркны акрыфаратә обиектқәа рҿы амузыкантцәа аусура еиҭалагоит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ари аӡбара аднакылеит аҧкрақәа рырҧсыҽра апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Хәажәкыра 8 инаркны Қырҭтәыла зехьынџьара аресторанқәа аҩнуҵҟагьы асасцәа рыдыркылон, аха амузыкантцәа аус руамызт.

Иара убас, мшаҧы 1 инаркны аусура еиҭалагоит ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәеи акинотеатрқәеи.