Акрыфаратә обиектқәа асабшеи амҽышеи рзы ирзышьақәыргылоу аҧкрақәа иаҧыххоит
Акрыфаратә обиектқәа асабшеи амҽышеи рзы ирзышьақәыргылоу аҧкрақәа иаҧыххоит

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара атенденциа нагӡахар, иахьа, рашәара 1 инаркны, акрыфаратә обиектқәа асабшеи амҽышеи рзы ирзышьақәыргылоу аҧкрақәа иаҧыххоит, дара асабшазгьы, амҽышазгьы иарку ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдкылара рылшоит.

Аха ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, абанкетқәеи, еиуеиҧшым аиубилеиқәеи рымҩаҧгаразы ишьақәыргылоу аҧкра уажәгьы амч амоуп.