Иахьа ЕАШ аконгресс ахь абжьратә алхрақәа мҩаԥысуеит
Иахьа ЕАШ аконгресс ахь абжьратә алхрақәа мҩаԥысуеит

Иахьа ЕАШ аконгресс ахь абжьратә алхрақәа мҩаԥысуеит. Иахьазы Ахаҭарнакратә палатеи Асенати рҿы аиҳара адемократцәа роуп.

Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, заанаҵтәи абжьыҭира рхы аладырхәит 35 миллионҩык ЕАШ атәылауаа.

ЕАШ атәылауаа Ахаҭарнакратә палата 435-ҩык алахәылацәеи Асенат 35-ҩык алахәылацәеи иалырхроуп. Иара убас 36 штатқәа рҟны агубернатоцәа алырхуеит.