Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама Светицховлоба аныҳәамш азгәанаҭоит
Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама 12ҩ-ык ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш – Светицховлоба азгәанаҭоит. Светицховлоба инамаданы, Мцхеҭа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Аҩыра цқьа инақәыршәаны, Иаса Қьырса 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа алихит. Урҭ руаӡәы, Иуда Искариот, Қьырса динаҧхеит. Убри аамышьҭахь, Иҳақәиҭу Қырҭтәыла ақьырсианра аларҵәаразы Матфеи дықәиргылеит. Абри амш азы Ауахәама абарҭ Ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш азгәанаҭоит: Пиотри иашьа Андеи, Иакови иашьа Иоанни, Филлип, Варфоломеи, Фома, Матфеи, Иаков, Алфеи, Иуда (Фаддеи), Симон Ашьыцҩы, Матфии.
Светицховлоба шықәсыкала ҩынтә иазгәарҭоит — жьҭаара 14-и ҧхынгәы 13-еи рзы.