Иракли Кобахиӡе - Иахьа ақьырсианра, ҳдинхаҵара, ҷыдала аиҷаҳареи ахьчареи аҭахуп, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ақьырсианра, адинхаҵара, акьырсиантә аморалтә догмақәа ирҿагыло амчқәа иҟоуп, абарҭ амчқәа Қырҭтәылагьы ақьырсианра иаҿагыланы иқәҧоит
Иракли Кобахиӡе - Иахьа ақьырсианра, ҳдинхаҵара, ҷыдала аиҷаҳареи ахьчареи аҭахуп, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ақьырсианра, адинхаҵара, акьырсиантә аморалтә догмақәа ирҿагыло амчқәа иҟоуп, абарҭ амчқәа Қырҭтәылагьы ақьырсианра иаҿагыланы иқәҧоит

Иахьа ақьырсианра, ҳдинхаҵара, ҷыдала аиҷаҳареи ахьчареи аҭахуп, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ақьырсианра, адинхаҵара, акьырсиантә аморалтә догмақәа ирҿагыло амчқәа иҟоуп, абарҭ амчқәа Қырҭтәылагьы ақьырсианра иаҿагыланы иқәҧоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Светицховели аныхабааҿ даныҟаз, уаҟа Светицховлоба  аныҳәа инамаданы, агәырҕьаратә Анцәаимаҵура мҩаҧган. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы аныхабааҿ еизаз ауаа рҿаҧхьа дықәгыланы, Светицховлоба рыдиныҳәалеит. 

„Ҳтәыла, ҳуахәама хада Светицховлоба рыдысныҳәалоит, ҷыдала идысныҳәалоит акыр иаҳзыҧсоу, гәыкала бзиа иаабо ҳКаталикос-Патриарх, ицқьаӡоу Илиа аҩбатәи, ирыдысныҳәалоит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит Шиои, Синод цқьа алахәылацәеи, ҳтәылаҿы Анцәеи ауахәамеи рус мҩаҧызго аҧшьаҩеиҳабацәеи, адоуҳатә хаҿқәеи, ауахәама аҭааҩцәа ирыдысныҳәалоит, шәызынтәгьы ишәыдысныҳәалоит, ҷыдала ирыдысныҳәалоит аҳәаанырцә инхо ҳтәылауаа. Мцхеҭаа ирыдысныҳәалоит, мцхеҭаа ҳәа ахьӡ аныҟәгара, абри ақалақь дуӡӡаҿ анхара  Анцәа иҟынтә аҳәамҭа дууп. Мцхеҭа – Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны ақьырсианра ахьрыдыркылаз ҭыҧуп. Ари аҭыҧаҿ Аԥсҳа Мириан Анцәа иҟынтә аџьашьахәы ибеит, Анцәа иаша дидырит, ҳтәылаҿ ақьырсианра алаирҵәеит, убри анеҩс, 17 ашәышықәсақәа ирылагӡаны, ақьырсианра, аиашахаҵара ауп ҳтәыла зыхьчо, ҳхатәҟазшьареи ахьыҧшымреи ахьчараҿы иҳацхраауа.

Мцхеҭа ҳаныҟоу, ҷыдала иаҳгәалаҳаршәароуп иахьа ақьырсианра, ҳдинхаҵара, ҷыдала аиҷаҳареи ахьчареи шаҭаху. Рыцҳарас иҟалаз, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ақьырсианра, адинхаҵара, акьырсиантә аморалтә догмақәа ирҿагыло амчқәа иҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз, абарҭ амчқәа Қырҭтәылагьы ақьырсианра иаҿагыланы иқәҧоит, аха, ажәлар зегьы ианеидгыло, аӡәгьы ақырҭуаа изаҵаирхом, ҳтәылаҿы  адинхаҵареи, ақьырсианреи, аиашахаҵареи аӡәгьы дзаиааиуам, ҳаҩныҵҟа иҳамоу ахаҵара аӡәгьы дзаиааиуам, ҳаҧсҭазаараҿы ақьырсиантә ҵасқәа аӡәгьы дзыриааиуам. Ҳуахәама хада, ҳКаталикос-Патриарх, аҧшьаҩеиҳабацәа, адоуҳатә хаҿқәа зегьы  ҳтәыла доуҳала арҕәҕәаразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳтәылеи ҳуахәамеи  Анцәа дырхылаҧшааит, шәареи шәҭаацәарақәеи Светицховлоба алҧха шәыгымзааит, ишәыдысныҳәалоит Светицховлоба,” – иҳәеит аҧыза-министр.