Иахьа аҧсылманцәа Рамадан иазгәарҭоит
Иахьа аҧсылманцәа Рамадан иазгәарҭоит

Мызкы инагӡахо ачгара анҵәамҭаз аҧсылманцәа Рамадан-баирам иазгәарҭоит. Аныҳәара имҩаԥган Баҭымтәи ацентртә џьаамаҿ. Ауаа ахьырацәаз аҟынтә, аԥсылманцәа гәыԥҩык аныҳәара адәахьы мҩаԥыргеит, џьоукы аџьаама аргылара ахьиаҳәо аҵакрыаҿ еихеит.

Рамадан — аҧсылманцәа рзы зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуп. Рамадан азы иҟазшьарбагоу аҷыдарақәа иреиуп агәыҳалалра.

Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорнике Рижваӡеи аиҳабыра алахәылацәеи Баҭымтәи аџьаамаҿ ақырҭуа ԥсылманцәа аныҳәа рыдырныҳәлеит.