Қырҭтәыла апарламент ашәарҭадара аҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, иахьа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили есышықәсатәи аҳасабрбала дықәгылоит, убри аҟынтә, иахьа апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит.
«Сынтәа, лаҵара 14 рзы, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы апарламент шықәсыктәи аусуреи анеҩстәи ашықәс азы иҳәаақәҵоу апланқәеи ирызку аҳасабырбала дықәгылоит.
Убри инамаданы, лаҵара 14 инаркны, Апарламент ахан аҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит – аҭааҩцәа апарламент ахыбра изыҩналом.
Аплан иарбоу апарламенттә усмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәыр рылшоит иашьашәалоу аструктуратә аҟәшақәа рҟынтә ааҧхьара зауз ахаҿқәа мацара.
Апарламенттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа, ахыбрашҟа инарышьҭуеит адырраҭара цыҧхьаӡа аҟынтә аҭыхратә 2 гәыҧк иреиҳамкәа», — иануп аҳәамҭаҿы.