Иахьа афашизм аҵархара амш азгәарҭоит
Иахьа афашизм аҵархара амш азгәарҭоит

Иахьа, лаҵара 9  —  Афашизм аҵархаара мшуп. 1945 шықәса лаҵара   8 рзы, Германтәыла акапитулиациа ашьҭахь, Аҩбатәи адунеитә еибашьра хыркәшан. Лаҵара  9 афашизм аҵархара мшны ирылаҳәан.  Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан Қырҭтәыла ацәыӡ ду аиуит  –   300 000-ҩык раҟара ҳтәылауаа ҭахеит.

Кыршықәса рыҩнуҵҟа, абри амш азы, аибашьра аветеранцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи, ишаҧу ала, Ваке апартк аҿы еизаны, Зыхьӡ дырым аруаҩ инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит.  Аха, сынтәа, апарк аҿы имҩаҧысуа аиҭашьақәыргылартә усурақәа рымшала,  ҵыԥх еиԥш Ваке апарк аҿы аиааира амш азгәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуам, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәоит аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк аҿы (Киквиӡе ипарк).

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа, ацхыраара ҳасабала,  1000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалаӡыз ауааҧсыра рҭаацәарақәа  — 500 лари.