Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра лаҵара 9 имҩаҧысраны иҟоу акциақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит
Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра лаҵара 9 имҩаҧысраны иҟоу акциақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра лаҵара 9 имҩаҧысраны иҟоу акциақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи азакәан аҳәарақәеи еилазго ауаа зегьы  рзы аполициа аусзуҩцәа  азакәан инақәыршәаны рхы мҩаҧыргоит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит азакәан иақәныҟәарц, мамзар, аполициа азакәан ла иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа мҩаҧнагоит.

Қырҭтәылатәи  қалақьқәак рҿы иахьа “ҧсра зқәым” аполк акциақәа мҩаҧысуеит.