Иракли Ҕарибашвили – Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалахәыз ҳфырхацәа-ветеранцәа ҳаҭырқәҵара ду рзаасырҧшыр сҭахуп
«Раҧхьа иргыланы, ҳфырхацәа-ветеранцәа иахьатәи амш, лаҵара 9, афашизм аҵархара инаркны 77 шықәса аҵра рыдысныҳәалар сҭахуп. Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа зегьы ҳаҭырқәҵара ду рзаасырҧшыр сҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили акульура апарк аҿы, иара уаҟа Аҩабәти адунеитә еибашьра иалаӡыз ауааҧсыра ҳаҭырла игәалаиршәеит. Аҧыза-министр ицын аиҳабыра алахәылацәа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Мелитон Кантариа ибиуст аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, Аҩабтәи адунеитә еибашьра алахәылацәа афашизм аҵархара инаркны 77 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
«Ишыжәдыруа ала, ақырҭуаа ари аиааираҿы алагала ду ҟарҵеит. Ҳәарада, иаҳа еиҕьу адунеи зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа срымҵахырхәоит, ҳара, ақырҭуаа, ари аиааираҿы алагала ду ҟаҳҵеит.
Лаҵара 9 шәыдныҳәаланы, аиаиреи аҭынчреи шәзеиҕьасшьар сҭахуп», — иҳәеит аҧыза-министр.