Иракли Кобахиӡе аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк ашҟа днеит
Иракли Кобахиӡе аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк ашҟа днеит

Афашизм аиааира 79 шықәса ҵра инамаданы Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аветеранцәа рыхьӡала иҟоу Акультуреи аҧсшьареи апарк ашҟа днеин, Мелитон Қанҭариа ибиуст аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵан, Аҩбатәи адунеитә аибашьра иалаӡыз рыхьӡқәа игәалаишәеит.

Аҩбатәи адунеитә аибашьра аветеранцәа Киквиӡе ишҭаҿ еизеит. Апарк аҿы аԥыза-министр ицын аиҳабыра алахәылацәеи, апарламент ахантәаҩи, адепутатцәеи. Урҭ аветеранцәа аиааира амш рыдырныҳәалеит.

Аиҳабыра рыӡбарала, афашизм  аҵархара инаркны 79 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа, зныктәи аҧаратә асоциалтә цхыраара аҳасабала, 2000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа  – 1000 лари роуеит.