Иахьа Ҭырқәтәыла амуниципалтә алхрақәа мҩаҧысуеит
Иахьа Ҭырқәтәыла амуниципалтә алхрақәа мҩаҧысуеит

Атәыла зехьынџьара  200 нызқь алхырҭақәа аартуп.  61 миллионҩык иреиҳаны алхыҩцәа ақалақьқәа рхадацәеи,  арегионқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәеи алырхуеит 5 шықәсатәи аҿҳәара рыҭаны.

Алхрақәа ирылахәып 34 аполиткиатә партиақәа.

Аҭырқәа АИХқәа рдыррақәа рыла,  арҭ алхрақәа рҿы ахадаратә ҵакы аиуеит Сҭампыл азықәҧара,  уажәазы Сҭампыл ахадас дыҟоуп аоппозициатә «Ареспубликатә жәлартә партиа» алидер, ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҿагылаҩ хада Екрем Имам-оҕлу.  Анапхгаратә партиантә Сҭампыл ахада иҭыҧ дазықәҧоит  аҧсабаратә лагылазаара ахьчара ҧасатәи аминистр  Мурат Куруми.

Зыӡбахәы ҳәоу амуниципалтә алхрақәа рҿы аоппозициатә  «Республикатә партиа»   Сҭампыл,  Анкара,  Анталиа уҳәа,  ақалақь дуқәа рҿы аиааира иазықәҧоит,   2019 шықәсазы арҭ ақалақьқәа рҿы аиааира агеит аоппозициа.