Иаркли Ӷарибашвили Аахыҵ Кавказ аҿы EIB арегионтә хаҭарнак диԥылеит
Иаркли Ӷарибашвили Аахыҵ Кавказ аҿы EIB арегионтә хаҭарнак диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иаркли Ӷарибашвили Аахыҵ Кавказ аҿыЕвропа аинвестициатә банк EIB арегионтә хаҭарнак  Мачеи Чура диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ иаҵшьны иазгәаҭан Европа аинвестициатә банк афинанстә адгылара аҵакы Қырҭтәыла априоритеттә хырхарҭақәа рырҿиара ахырхарҭала, Европа аинвестициатә банк аҟны аусеицура ахадара амоуп аинвестициатә проектқәа рынагӡара аганахьала мацара акәым, Қырҭтәыла Евроеидгылахь аинтеграциа аконтекст аҿы.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәыла имаԥысран иҟоу, иара убас имҩаԥысуа ареформақәа, арҭ ареформақәа рынагӡара аганахьала ЕIB афинанстә адгылара аҵакы.