Иаркли Ӷарибашвили - 2008 шықәсазы ҳара анапхгараҿы ҳаҟазҭгьы, аибашьра ҟаломызт
Иаркли Ӷарибашвили - 2008 шықәсазы ҳара анапхгараҿы ҳаҟазҭгьы, аибашьра ҟаломызт

208 шықәсазы агәаҟра ду ҳҭагылан, аха Аҩбатәи адунеитә аибашьра ашьҭахь иахьа зегь реиҳа ицәгьоу аамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Братислава, Аглобалтә шәарҭадара афорум (GLOBSEC) аҿы данықәгылоз.

“Раԥхьаӡа аибашьра Қырҭтәыла ишыҟалаз зегьы ишәгәаласыршәар сҭахуп. Иахьа аӡәы ихашҭыр ҟалап Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% Урыстәыла ала шымпыҵахалоу, 2008 шықәса рышьҭахь Урыстәыла ҳҵакырадгьыл аҿы иаанханы, арратә базақәа ҩба дыргылеит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, усҟан аибашьра иақәнаго ахшыҩзышьҭра амамызт.

“Урыстәылатәи агрессиа ишақәнагоз ала ақәҿымҭра арымҭеит. Урыстәыла аганахьала асанкциақәа рыдрымкылеит. Уи ҳара ҳеибашьрат! Уажәы Украина аҭыԥ змоу ахҭысқәа икатастрофоуп. Есымша зықьҩыла ауааԥсыра иԥсуеит, ари аибашьра хара имгакәа ихыркәшап ҳәа макьана иубарҭам”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.