Иаркли Ӷарибашвили Азербаиџьан Аекологиеи аԥсабаратә ресурсқәеи рминистр диԥылеит
Иаркли Ӷарибашвили Азербаиџьан Аекологиеи аԥсабаратә ресурсқәеи рминистр диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иаркли Ӷарибашвили Азербаиџьан Аекологиеи аԥсабаратә ресурсқәеи рминистр Мухтар Бабиев диԥылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Азербаиџьани ирыбжьоу астратегиатә усеицура ахырхарҭақәа ирыхәаԥшит.

Аганқәа иахцәажәеит аекономика ахырхарҭала аусеицура аперспективақәа. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани узықәгәыӷыша атранзиттә партниорцәоуп, атранспорттә коридор узықәгәыӷышаа дистрибуциатә каналқәеи аглобалтә џьармыҟьеи рахь анашьҭра алашра рнаҭоит.

Иаҵшьны иазгәаҭан аинфраструктуратә проектқәа русуреи Қырҭтәылеи Азербаиџьани русузреи аҵакы.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла  иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви Қырҭтәыла аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистр Оҭар Шьамугиеи.