Иапониа Ауаажәларратә дырраҭара Синӡо Абе иқәлара авидеонҵамҭа аланарҵәеит  

Иапониа Ауаажәларратә дырраҭара, атәыла ҧасатәи аҧыза-министр  Синӡо Абе иқәлара авидеонҵамҭа аланарҵәеит.

Иапониа ҧасатәи аҧыза-министр   Синӡо  Абе, Нара ақалақь аҿы алхраҧхьатәи ауснагӡатә аҿы данықәгылоз,  амцабџьарла иеихсит.

АИХ адыррақәа рыла, азинхьчаҩцәа, уааҵәҟьа,  41 шықәса зхыҵуа ахаҵа дааныркылеит. Нара инхо  Теӡуиа Иамагами анкьа  Иапониа  Арра-мшынтә мчқәа дрылахәын.

Иапониа аҧыза-министр  Умио Кишида ҧасатәи аҧыза-министр иқәлара афакт ҕәҕәала дақәыӡбаны, ишиҳәаз ала, Синӡо  Абе цәгьала дыҟоуп.