«Иаку амилаҭтә ҵысра»  адгылаҩ  лҳәамҭала,  апартиа ахаҭарнакцәа демонстративла  "акоменданттә сааҭ" еиларгоит
«Иаку амилаҭтә ҵысра»  адгылаҩ  лҳәамҭала,  апартиа ахаҭарнакцәа демонстративла  "акоменданттә сааҭ" еиларгоит

 

Иахьа асааҭ  21:00 рзы Русҭавели имҩаду аҿы апротесттә ныҟәаара мҩаҧысуеит. Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа имҩаҧысуаз акциаҿы ари атәы аалыцҳаит  «Амилаҭтә ҵысра» адгылаҩ  Руска Мҷедлиӡе.

Лара лажәақәа рыла, абри аҩыза акциа ала, атәылауаа акоменданттә сааҭ азы апротест ҟарҵоит.

Мҷедлиӡе ишылҳәаз ала, иахьа асааҭ 21:00 инаркны асааҭ  05:00-нӡа активистцәа, демонстративла аҧкрақәа еилаганы, Русҭавели имҩаду аҿы иҟазаауеит.